Нанҳәа 7 рзы Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу афорум ду.
https://sputnik-abkhazia.info/20260723/asny-a-abati-astol-gezh-maysit-aa-1064548543.html
"Аԥсны-ҿа" аҩбатәи астол гьежь мҩаԥысит Аҟәа
"Аԥсны-ҿа" аҩбатәи астол гьежь мҩаԥысит Аҟәа
Sputnik Аҧсны
Нанҳәа 7 рзы Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу афорум ду. 23.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-23T17:48+0300
2026-07-23T17:48+0300
2026-07-24T12:14+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/17/1064547310_0:0:1280:720_1920x0_80_0_0_cf93d571c53ef0d5795dda5ac6e42bc4.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 23 — Sputnik. "Аԥсны аҿар иахьа: ҳаамҭазтәи ахыдҵақәа, алшарақәа, аԥеиԥш" атемала астол гьежь мҩаԥысит Аҟәа.Иара еиҿнакааит "Аԥсны-ҿа", нанҳәа 7 рзы имҩаԥысраны иҟоу афорум ду аламҭалазы.Аиҿкаара анапхгаҩы Алиас Аҩӡба зегьы Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит, иазгәеиҭеит аҳәынҭқарратә ҿартә политикеи апатриоттә ааӡареи русхк аҟны Аԥсны аԥышәа дуӡӡа шамоу, аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы инарҭбаау аинформациа аиура шыуадаҩугьы.Аҩӡба ҳазҭагылоу аамҭа мариам ҳәа ахиҳәааит. Урыстәыла, Аԥсны атәылауаа фырхаҵарыла иахьеибашьуа Арратә операциа ҷыда амҩаԥгара иаҿуп. Аибашьра алҵшәа иадҳәалоуп, ареспублика алахьынҵагьы.Адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа зегьы инарыдкыланы, Аԥсны аҿаԥхьа иқәгылоит азҵаарақәа жәпакы – аҿиареи, ааӡареи рҿы ԥыжәарақәас иҟоу, насгьы иарбан мҩоу изнылаша ҳәа ациҵеит иара астудентцәа рахь ихы нарханы.Аԥсны Апарламент адепутат Инар Саӡба аҿари иареи реицәажәара хациркит асахьаркыратә фильм "Матрица" шәахәаԥшхьоума ҳәа азҵаара ала. Еиҳа еиҳабу абиԥара рхаҭарнакцәа рыда, ари афильм здыруаз хҩык ракәын.Асеиԥш дызҵааз – 1990-тәи ашықәсқәа рзы апостмодернисттә киноҭыжьымҭаҿы ареалтәи авиртуалтәи дунеиқәа рызҵаарақәа ахьышьҭырхуа азоуп иҳәеит иара. "ХХI ашәышықәсазы ҳара ҳрыниеит асоциалтә ҳақәа, аӡәырҩы рхаҿы ирзаамгоз уаҩ иимбац, иџьашьахәу аԥсҭазаара. Ҳара ҳгәы излаанаго ала, иаҳдырбо ауп зегьы ҳзышьҭалаша аҵабыргхаҭа. Араҟа ицәырҵуеит азҵаара, ус иҟаҵәҟьоума?", — иҳәеит Саӡба.Апарламентари аҿар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит, аинтернет аҿы еиҭарҳәо зегьы агәра рымгаларц, аинформациа араӡашьа рҵарц, игәарҭаларц рабжьигеит. Уи адагьы, иара дазааҭгылеит аус зуа аҵарадырра асистема аԥсахрақәа ралагалара шхымԥадатәиу, уи ҳаамҭазтәи атрендқәа ирықәшәом ҳәа агәаанагара шимоу. "Аԥсны Ҿа" ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Денис Соломко, ареспубликаҿы аволонтиорра атема дазааҭгылеит. Иара иазгәеиҭеит атәылаҿы аҿар реиҿкаара аҭоурых иалагеижьҭеи акрааҵуеит — Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьҵәҟьа инаркны. Ҳаамҭазы уи зымҽхак ҭбаау, еиҿкаау аԥшьгарақәа рахь ииасит. Соломко аҿар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит, рыхшыҩҵакқәа ԥырымкырц, еиҳа агәаӷьра аадырԥшларц, адгылара иақәгәыӷларц. Аҟәа ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа аиҳабы Ельза Ҳагԥҳа, агәра ганы дыҟоуп аԥсуа ҿар акыр ишрықәҿиаз. Урҭ рзы иаатит иарбан усхкызаалак аҿы ахаланагӡаразы алшарақәа рацәаны, иара убри аамҭазгьы уи аҿы ацхырааҩцәа акырӡа еиҳахеит.Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Вадим Банников астол гьежь алахәылацәа ирзеиҭеиҳәеит напхгара зиҭо аиҿкаара Аԥсны имҩаԥнаго апроектқәа ртәы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы аквотақәа рыла аԥсуа абитуриентцәа разыҟаҵара, аус зуа, иалкаау амаҵурақәа аанызкыло ауаа рзы иназыцҵоу азанааҭтә ҵара. Хазы иаликааит Россотрудничество Аԥсны имҩаԥнаго аусмҩаԥгатәқәа, урҭ агәаларшәагатә рыцхәқәа ирызкуп. Аԥсны иҟоу ААРА ахаҭарнакра адиректор Иулиа Красцова илгәалалыршәеит Аԥснытәи аделегациа 2024 шықәсазы Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль аҿы зегь реиҳа ишырацәаҩыз, уи 190 тәыла инареиҳаны рхаҭарнакцәеи дареи аиҩызаратә еимадарақәа рыбжьаҵаразы зеиӷьаҟам лшараны ишыҟаз. Лара илҳәеит Екатеринбург имҩаԥысраны иҟоу афестиваль раԥхьаӡа акәны аволонтиорцәа раҳасабала ишалахәхо Аԥснынтәи быжьҩык.
https://sputnik-abkhazia.info/20260714/aba-eieieit-arespublikat-aar-rforum-asny-a-amagara-iashaneiua-ausa-1064367491.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
17:48 23.07.2026 (ирҿыцуп: 12:14 24.07.2026)
Нанҳәа 7 рзы Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу афорум ду.
АҞӘА, ԥхынгәы 23 — Sputnik. "Аԥсны аҿар иахьа: ҳаамҭазтәи ахыдҵақәа, алшарақәа, аԥеиԥш" атемала астол гьежь мҩаԥысит Аҟәа.
Иара еиҿнакааит "Аԥсны-ҿа", нанҳәа 7 рзы имҩаԥысраны иҟоу афорум ду аламҭалазы.
Аиҿкаара анапхгаҩы Алиас Аҩӡба зегьы Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит, иазгәеиҭеит аҳәынҭқарратә ҿартә политикеи апатриоттә ааӡареи русхк аҟны Аԥсны аԥышәа дуӡӡа шамоу, аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы инарҭбаау аинформациа аиура шыуадаҩугьы.
"Иахьа ҳамшәа-ҳмырҳа иаҳҳәар ҳалшоит иалкаау аихьӡарақәа шыҟоу. Иеизҳахьеит абиԥара, аха ус шакәугьы, актуалра злоу азҵаарақәеи апроблемақәеи аанхоит, адунеи зегьы аҿеиԥш", — иҳәеит иара.
Аҩӡба ҳазҭагылоу аамҭа мариам ҳәа ахиҳәааит. Урыстәыла, Аԥсны атәылауаа фырхаҵарыла иахьеибашьуа Арратә операциа ҷыда амҩаԥгара иаҿуп. Аибашьра алҵшәа иадҳәалоуп, ареспублика алахьынҵагьы.
Адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа зегьы инарыдкыланы, Аԥсны аҿаԥхьа иқәгылоит азҵаарақәа жәпакы – аҿиареи, ааӡареи рҿы ԥыжәарақәас иҟоу, насгьы иарбан мҩоу изнылаша ҳәа ациҵеит иара астудентцәа рахь ихы нарханы.
Аԥсны Апарламент адепутат Инар Саӡба аҿари иареи реицәажәара хациркит асахьаркыратә фильм "Матрица" шәахәаԥшхьоума ҳәа азҵаара ала. Еиҳа еиҳабу абиԥара рхаҭарнакцәа рыда, ари афильм здыруаз хҩык ракәын.
Асеиԥш дызҵааз – 1990-тәи ашықәсқәа рзы апостмодернисттә киноҭыжьымҭаҿы ареалтәи авиртуалтәи дунеиқәа рызҵаарақәа ахьышьҭырхуа азоуп иҳәеит иара.
"ХХI ашәышықәсазы ҳара ҳрыниеит асоциалтә ҳақәа, аӡәырҩы рхаҿы ирзаамгоз уаҩ иимбац, иџьашьахәу аԥсҭазаара. Ҳара ҳгәы излаанаго ала, иаҳдырбо ауп зегьы ҳзышьҭалаша аҵабыргхаҭа. Араҟа ицәырҵуеит азҵаара, ус иҟаҵәҟьоума?", — иҳәеит Саӡба.
Апарламентари аҿар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит, аинтернет аҿы еиҭарҳәо зегьы агәра рымгаларц, аинформациа араӡашьа рҵарц, игәарҭаларц рабжьигеит. Уи адагьы, иара дазааҭгылеит аус зуа аҵарадырра асистема аԥсахрақәа ралагалара шхымԥадатәиу, уи ҳаамҭазтәи атрендқәа ирықәшәом ҳәа агәаанагара шимоу.
"Аԥсны Ҿа" ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Денис Соломко, ареспубликаҿы аволонтиорра атема дазааҭгылеит. Иара иазгәеиҭеит атәылаҿы аҿар реиҿкаара аҭоурых иалагеижьҭеи акрааҵуеит — Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьҵәҟьа инаркны.
Ҳаамҭазы уи зымҽхак ҭбаау, еиҿкаау аԥшьгарақәа рахь ииасит. Соломко аҿар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит, рыхшыҩҵакқәа ԥырымкырц, еиҳа агәаӷьра аадырԥшларц, адгылара иақәгәыӷларц. Аҟәа ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа аиҳабы Ельза Ҳагԥҳа, агәра ганы дыҟоуп аԥсуа ҿар акыр ишрықәҿиаз. Урҭ рзы иаатит иарбан усхкызаалак аҿы ахаланагӡаразы алшарақәа рацәаны, иара убри аамҭазгьы уи аҿы ацхырааҩцәа акырӡа еиҳахеит.
Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Вадим Банников астол гьежь алахәылацәа ирзеиҭеиҳәеит напхгара зиҭо аиҿкаара Аԥсны имҩаԥнаго апроектқәа ртәы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы аквотақәа рыла аԥсуа абитуриентцәа разыҟаҵара, аус зуа, иалкаау амаҵурақәа аанызкыло ауаа рзы иназыцҵоу азанааҭтә ҵара.
Хазы иаликааит Россотрудничество Аԥсны имҩаԥнаго аусмҩаԥгатәқәа, урҭ агәаларшәагатә рыцхәқәа ирызкуп.
Аԥсны иҟоу ААРА ахаҭарнакра адиректор Иулиа Красцова илгәалалыршәеит Аԥснытәи аделегациа 2024 шықәсазы Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль аҿы зегь реиҳа ишырацәаҩыз, уи 190 тәыла инареиҳаны рхаҭарнакцәеи дареи аиҩызаратә еимадарақәа рыбжьаҵаразы зеиӷьаҟам лшараны ишыҟаз. Лара илҳәеит Екатеринбург имҩаԥысраны иҟоу афестиваль раԥхьаӡа акәны аволонтиорцәа раҳасабала ишалахәхо Аԥснынтәи быжьҩык.
| # | Наименование новости | Тональность | Информативность | Дата публикации |
|---|---|---|---|---|
| 1 | Аҩӡба еиҭеиҳәеит Ареспубликатә аҿар рфорум "Аԥсны Ҿа" амҩаԥгара иашьҭанеиуа аусқәа | 0 | 6.23 | 14-07-2026 |
| 2 | Соломко еиҭеиҳәеит Жәларбжьаратәи аҿар рфорум "Аԥсны Ҿа" амҩаԥгара атәы | 0 | 6.31 | 04-08-2026 |
| 3 | "Аԥсра иацәшәаз, абзацәа ахьыржуаз днанагеит": аԥсра ажәаԥҟақәеи аԥхыӡқәеи ишырныԥшуа | 0 | 7.28 | 25-07-2026 |
| 4 | Акьаҿ дҩамӡеит, ау дымлаҟәит... | 0 | 9.11 | 11-07-2026 |
| 5 | Аԥсны асимвол хада: Аҟәа Аҳәынҭқарратә бираҟ амш | 0 | 8.86 | 23-07-2026 |
| 6 | Ҟәыруа еиҭеиҳәеит "Аԥсныеихамҩа" аԥхын аусура шеиҿкаахо | 0 | 5 | 07-05-2026 |
| 7 | Агәхьаагара аныԥшуа: XXIV афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аартра | 0 | 9.43 | 03-08-2026 |
| 8 | Ииасуа атеатртә сезон азхәыцра… | 0 | 7.74 | 09-08-2026 |
| 9 | Ахәылԥаз "аиаҵәахәқәа": Аԥсны ашколқәа раушьҭымҭацәа ареспубликатә хәылԥаҿы | 0 | 1 | 27-06-2026 |
| 10 | Нанба еиҭеиҳәеит арратә маҵзура ареформа азы игәаанагара | 0 | 10 | 31-07-2026 |